Перейти к содержанию

Пицунда

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Ақалақь ҳабла
Пицунда
Пицунда
ბიჭვინთა
Атәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра (5)
Қырҭтәыла (188)
Акоординатқәа 43°9′33″ ҩ. ҭ., 40°20′23″ мг. н.
Аофициалтә бызшәақәа Аԥсуа бызшәа
Ақырҭуа бызшәа
Асааҭтә зона UTC+3:00
Автомобильтә код ABH
Еишьцәахаз ақалақьқәа Дмитров Курск
Карта

Пицунда[1], Биҷвинҭа (аур. Пицунда, ақырҭ. ბიჭვინთა) — Аԥсны ақалақь.

Пицунда аҳәаақәа: аҩадалӡаа, амрагыларахьАџьра, Рҩаԥшь, алада — амшын, амраҭашәарахь — Бзыԥ аӡиас.

Ашəҟəынҵара
ашықәс
Ауааԥсыра Ахаҵа Аԥҳәыс
1989[2] 10 146 -- --
2011[3] 4 198 -- --

Аԥсуаа жәытә-натә аахыс Пицунда амшын аԥшаҳәа Амзара ҳәа иашьҭан, аха Пицундагьы иахьатәи Лӡаа ақытагьы инеидкыланы Лӡаа хәа акәын ишырдируаз, Пицунда азы «Лӡааных» зҳәозгьы ыҟан. Ари аҭыԥ раԥхьаӡа аҟәны, ҳера аанӡа аҩбатәи ашәышықәсазы Артемидор Ефескии «Питиус» ахьӡуп ҳәа дахцәажәоит, Питиус даара ибеио қалақьуп иҳәоит Плании, Страбон — «Питиунт ду» ҳәа иҩеит. Питиунт III ашәышықәса инаркны ақьырсианра ашьаҭа тыԥқәа ируакхеит, 325 шықәсазы Пицундатәи аепископ Стратофил далахәын Никеиа ақалақь аҿы имҩаԥысыз ақьырсианра ашьапы иқәзыргылаз аизара ду. Абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы Питиус аҭыԥан ҩырақәак рҿы «Сатириуполь» ҳәа иуԥылоит иахьатәи ахьӡ «Пицунда» иазаагоу авариантқәа цәырҵуеит XV ашәышықәса инаркны — Пезонда, Пецунда, Бижунта, Бесонта, Бичвинта. иаҳа инарҭбаау Пицунда аҭоурых уахәаԥш.

  1. Амзара — уаҳәаԥш Пицунда;
  2. Бычвинта — уаҳәаԥш Пицунда;
  3. Лӡааных — Пицунда Абааҭа ауаҳәама ду, уаҳәаԥш Пицунда;
  4. Пезонда || Пецунда || Бижунта || Бесонта — уаҳәаԥш Пицунда;
  5. Сатириуполь — уаҳәаԥш Пицунда;
  6. Питиунт — уаҳәаԥш Пицунда;
  7. Питиус — уаҳәаԥш Пицунда;

Пицунда иаҵанакуа аҭыԥқәа:

  1. Абааҭа — Пицунда ауахәама ахьгьыло акәша-мыкәша;
  2. Аӡақә — Бзыԥ аӡиас амшын иахьалало армарахь, амҩаду инаркны амшын аҟынӡа Ақәтааӡарҭа афабрика ахьгылогьы налаҵаны;
  3. Амжәасара — Анышьхҵара иавоуп аҩадала;
  4. Амзара — Пицунда Рыбзавод инаркны Бзыԥынӡа, амшын аԥшаҳәа;
  5. Амзбыгәара — Аӡақәи Амзареи рыбжьара амшын аԥшаҳәа;
  6. Ацагды — Амжәасара иадуп амраҭашәарахь ала;
  7. Ашыцра — Амзара аҩдатәи аҿацә, Лӡаа Ацәыркра ҳәа иахьашьҭоу аган;
  8. Хрушьчов идача — Пицунда аԥшаҳәа, акәрорт амрагыларахьтәи аган;
  9. Шәнылаа рҭыԥқәа — Ацагды иавоуп аҩада ала.
  1. Кәарҷиа В. Е., «Аԥсны атопонимика», Аԥсны анаукақәа ракадемиа, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, ад. 175-176, Аҟәа, 2002
  2. Abkhazia - All Places: 1989 census
  3. Abkhazia - Ethnic composition, all communes: 2011 census